RSS Amplifier

Blog

Sputnik Аҧсны

Иҵабыргны, еиламырцҳаӡакәа атәылеи адунеи рыхҭысқәа

sputnik-abkhazia.infoSource feed ↗16 posts

Live Last read · last published · next check

Latest posts

"Хаара згым, агәабзиаразы уаҳа назҭахым": акарпыжәи ашьынкеи рыхҳәаа

Уажәы изаамҭоу акарпыжәи ашьынкеи рҭоурыхи ауаҩи игәабзиаразы иҟарҵоу анырреи еилышәкаарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.

"Цаԥха зҿам ашә ыҟаӡам": анхарҭа ахьчаҩцәа асапати ацаԥхеи ирызкны

"Цаԥха зҿам ашә ыҟаӡам" рҳәоит, уи агьиашоуп. Аусурашҟа, ма ухатә усқәак рырманшәала уҿанынаухо, уахьынхо ҩнума-уадоума ашә ныдҵаны "аҷараҳәа" ацаԥха науркуеит. Уааиаанӡа унхара ахьчара анапы инануҵоит "ауаҩ кьаҿ гәашәхьча" ҳәа ззырҳәо ацаԥха.

Хәырхәмал еиҭеиҳәеит Аԥсны ақыҭақәа рыҿиаразы афинанстә цхыраара шрыҭахо

Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма алахәхаразы 1800 рҟынӡа арзаҳалқәа нашьҭуп иҳәеит афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, ақыҭақәа рыҿиаразы аҳәынҭпрограмма анагӡара акомиссиа алахәыла Гиви Хәырхәмал.

Мшынла ҩ-сааҭк: "Комета" Шәачантәи Аԥсныҟа аныҟәарақәа шаԥсахуа

Ҩ-сааҭк маҷк инеиҳаны Шәачантәи Аҟәаҟа — аҳәааҿы автомашьынатә гәаранқәа рыда. Ари асезон азы амшынтә маршрут Урыстәылантәи Аԥсныҟа уаазго даҽа ахырхарҭақәа ирыцлеит. Бжьаратәла "Комета" зныктәи амҩасрала 50-60-ҩык мҩаннагоит, ари асезон азы 82-ҩык апассаџьырцәа зныкала ианыманнагазгьы ыҟоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апроект анапхгаҩы Павел Макрухин.Иара иажәақәа рыла, Шәача — Аҟәа ахырхарҭа…

Дочиеи Шамбеи еиҭарҳәеит 95-тәи атеатртә сезон ахыркәшашьа атәы

Аԥсуа драматә театр 95-тәи атеатралтә сезон хнаркәшеит. Амилаҭтә атеатр иреиӷьу актиорцәеи, арежиссиори, аҟазара иазааԥсоу аусзуҩцәеи 10-ҩык еиуеиԥшым аноминациақәа рҿы иалкаан. Урҭ рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп аспектакль "Аҳәынҭқар ҟьантаз" аҿы иреиӷьу ахаҵа ироль анагӡаҩ ҳәа иалкааз Алхас Шамбеи, аспектакль "Ешелон" аҿы адекорациақәа рзы иреиӷьу асахьаҭыхҩы Гарри Дочиеи.Шәахәаԥш авидеонҵамҭа.

Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа: Аԥсны абжьыҭара зылшода, насгьы ишԥа?

2026 шықәсазы Урыстәыла имҩаԥысраны иҟоуп Аҳәынҭқарратә Дума ажәбатәи ааԥхьара адепутатцәа ралхрақәа.

Аҵареи жәлар рдипломатиеи ирылацәажәахоит Sputnik апресс-центр аҟны

Нанҳәа 21 азы асааҭ 10:30 рзы, жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура Sputnik апресс-центр аҿы "Аҵареи ауаажәларратә дипломатиеи: алшара ҿыцқәеи аусеицуреи рахь амҩа" ҳәа хьӡыс измоу апресс-конференциа мҩаԥысуеит.Уи иалахәхоит:

Аџьԥҳа еиҭалҳәеит ацәыргақәҵа "Арҿиаратә триптих" аҷыдарақәа ртәы

Аҟәа имҩаԥысуеит хҩык аԥсуа сахьаҭыхҩцәа — Аида Аџьԥҳа, Аксана Барзаниаԥҳа, Мактина Гогьиаԥҳа русумҭақәа рцәыргақәҵа "Арҿиаратә триптих". Уи аҷыдарақәа ртәы арадио Sputnik аҟны далацәажәеит асахьаҭыхҩцәа руаӡәк — Аида Аџьԥҳа.Шәахәаԥш авидеонҵамҭа.

Ашәба еиҭеиҳәеит Аԥсны атопонимика иацу ауадаҩрақәа ртәы

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны, аҵарауааи Жәлар Реизара адепутатцәеи злахәыз астол гьежь еиҿкаан. Уи азкын Аԥсны атопонимика апроблемақәа. Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба арадио Sputnik аҟны дазааҭгылеит аиԥылара алҵшәақәеи иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгақәеи ртәы. Инеиҵыху аиҿцәажәара шәахәаԥш авидеонҵамҭаҿы.

Гамсаниаԥҳа еиҭалҳәеит Ельчин Аӡынба лганахьала Қырҭтәыла ахымҩаԥгашьазы лгәаанагара

Ҭырқәтәылантәи ҳџьынџьуаҩ, адоцент, аҳақьым Ельчин Аӡынба лыкәша-мыкәша ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ахҳәаа алҭеит аполитолог Емма Гамсаниаԥҳа.

Габниаԥҳа еиҭалҳәеит "ШОУАБХАЗИИ" Аԥсни Урыстәылеи ркультуратә еимадаразы иааннакыло аҭыԥ

Аԥсни Урыстәылеи рмилаҭтә культура раԥхьатәи Жәларбжьаратәи афестиваль "ШОУАБХАЗИИ" мҩаԥгахоит Аҟәа нанҳәа 28-29 рзы.

Ԥиԥиа еиҭеиҳәеит афымцаԥхьаӡагақәа рықәыргылара аус ахьынӡанагоу атәы

2026 шықәса иалагӡаны 60 нызқь цыра афымцаԥхьаӡагақәа ықәдыргылараны иҟоуп. Иахьазы 20 нызқь инареиҳаны амыругақәа аус руеит. "Амшынеиқәафымцамч" акоммерциатә ҭаҩра автоматикатә система аусбарҭа аиҳабы Даур Ԥиԥиа арадио Sputnik аҟны иҳәеит аусурақәа реиҿкаашьа атәы. Инеиҵыху аиҿцәажәара — авидеонҵамҭаҿы.

Гәниаԥҳаи Габалыиеи еиҭарҳәеит апроект "Уаҵәтәи аԥсшәа" алҵшәақәа ртәы

Аԥсуа бызшәа аиқәырхареи ахархәара аҭареи ирызку апроект "Уаҵәтәи аԥсшәа" — актәи ахәҭа ахыркәшарахь инеиуеит. Уи аусура еиднакылеит занааҭла еиҭагаҩцәам, аха хатәы бызшәа бзиаӡан издыруа 395-ҩык ауааԥысра. Апроект "Уаҵәтәи аԥсшәа" анапхгаҩы Анна Гәниаԥҳаи Автономтә икоммерциатәым аиҿкаара "Аԥсны акоманда" аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Дмитри Габалыиеи арадио Sputnik аҟны иалацәажәеит апроект…

"Аԥхын агьама зхукаауа": уҭраҭыхқәак рхәарҭара иахҳәааны

Мрала иааӡоу, ауаҩы игәабзиара иазеиӷьу уҭраҭыхқәак рыхҳәаа ҟалҵоит Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.

"Умаҭәа аӡы цқьа иалухуа иубазар": ацәамаҭәа аԥхыӡқәеи жәлар разгәаҭарақәеи рҿы

Ауаҩы дзырԥшӡо, мреи хьҭеи дырцәызыхьчо ацәамаҭәа ган рацәала дазааҭгылоит Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Абызшәеи, акультуреи, аҭоурыхи реиқәырхара: Ҳагба еиҭеиҳәеит асоцҭҵаара шымҩаԥысыз

"Акультуреи абызшәеи реиқәырхара азҵаараҿы, аҿар иргәаԥхаша, изҿыԥшыша аполитикцәа рҿынтәи ибзиаӡоу аҿырԥштәқәа цәырҵроуп". Абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет Асоциологиатә ҭҵаарақәа рлабораториа аиҳабы Беслан Ҳагба, ААУ-и МАУ-и рҵарауаа имҩаԥыргаз асоцҭҵаарақәа рылҵшәақәа ртәы дазааҭгыло.